Кристиан Даниельсон -  Ҳазлалаго апункт хада  - аӡырҩра ауп
Кристиан Даниельсон -  Ҳазлалаго апункт хада  - аӡырҩра ауп

Ҩымш рыҩнуҵҟа ибзиаҵәҟьаны аус аауроуп,  ақәҿира ҳзаазгаша аусура мҩаҧаагароуп, алҵшәа ҳауроуп,   — иҳәеит Европа Ахеилак ахада Шарль Мишель ихатә хаҭарнак   Кристиан Даниельсон.

Иара ишиҳәаз ала, атәыла ахадеи Аҧыза-министри дырҧылахьеит, иара убас, иахьаҵәҟьа атәылауаҩратә уаажәларреи аполитикатә партиақәеи рхаҭарнакцәагьы дырҧылоит.

Ҩымш рыҩнуҵҟа ибзиаҵәҟьаны аус аауроуп,  ақәҿира ҳзаазгаша аусура мҩаҧаагароуп, алҵшәа ҳауроуп. Ҳазлалаго апункт хада  – аӡырҩра ауп.  Шьыжьымҭан атәыла ахадеи Аҧыза-министри сырҧылеит. Иара убас, иахьа атәылауаҩратә уаажәларреи аполитикатә партиақәеи рхаҭарнакцәагьы сырҧылоит. Нас ауп ианеилаҳкаауа апрогресс злаҳауша», — иҳәеит  Даниельсон.