Дмитри Песков – Урыстәылатәи аделегациа Украинеи Урыстәылеи реиҿцәажәара аҭыҧашҟа инеиуеит ахаша ахәылбыҽхан

Кремль аспикер Дмитри Песков ишиҳәаз ала, урыстәылатәи аделегациа Украинеи Урыстәылеи реиҿцәажәара аҭыҧашҟа инеиуеит ахаша ахәылбыҽхан.

Иара иажәақәа рыла, аделегациа напхгаҩыс даанхоит атәыла ахада ицхырааҩ Владимир Медински.

Уаанӡа аурыс информациатә агентрақәа ишарыцҳаз ала, ахашазы аиҿцәажәарақәа изымҩаҧымсыр ҟалап, избанзар аукраин аган аиҿцәажәарақәа ишрылахәхәо шьақәыдмырҕәҕәеит.