Михаил Подолиак – Уажәы Украинеи Урыстәылеи рхадацәа иахьеиҧылаша аҭыҧ ҳалацәажәоит
Михаил Подолиак – Уажәы Украинеи Урыстәылеи рхадацәа иахьеиҧылаша аҭыҧ ҳалацәажәоит

Уажәы Украинеи Урыстәылеи рхадацәа иахьеиҧылаша аҭыҧ ҳалацәажәоит, — иҳәеит Украина ахада иофис абжьагаҩ  Михаил Подолиак.

Иара убас, иара ишиҳәаз ала,  Украина апозициа иазҧхьагәаҭаны,  аилаӡарақәа рпакет аус адырулоит.

Украинатәи аган Урыстәыла ахаҭарнакцәа рҟны еиҧҟьарада аимадара рымоуп. Украина ахада иофис абжьагаҩ ишиҳәаз ала, атәыла-агрессор иаанацҳахьеит Володимир Зеленскии Владимир Путини ишиашо рдиалог ишазыхиоу.

«Уажәы Украинеи Урыстәылеи рхадацәа иахьеиҧылаша аҭыҧ ҳалацәажәоит.  Иара убас,   Украина апозициа иазҧхьагәаҭаны,  аилаӡарақәа рпакет аус адааулоит. Абри зегьы анымазеихалак, ахадацәа, еиҧыланы, аҵыхәтәантәи аҭынчратә еиқәшаҳаҭра аҭагылазаашьақәа ирылацәажәар рылшоит. Уи азыҳәан аамҭа рацәа аҭаххоит ҳәа сгәы иаанагом», — иҳәеит  Михаил Подолиак.