Китаи G20 аиҧылара алахәылацәа ирыдыркылаз урыстәылатәи агрессиа ақәыӡбаратә аихшьаалатә азеиҧш аҳәамҭа иақәшаҳаҭымхеит
Китаи G20 аиҧылара алахәылацәа ирыдыркылаз урыстәылатәи агрессиа ақәыӡбаратә аихшьаалатә азеиҧш аҳәамҭа иақәшаҳаҭымхеит

Китаи Индиа имҩаҧгаз  G20 аиҧылара алахәылацәа ирыдыркылаз урыстәылатәи агрессиа ақәыӡбаратә аихшьаалатә азеиҧш аҳәамҭа иақәшаҳаҭымхеит.  Аихшьаалатә аҳәамҭа иҿагылеит  Урыстәылеи Китаии мацара.

Адокументаҿ  идуу аҳәынҭқаррақәа рлидерцәа Урыстәыла ала Украина ажәылареи,  аҧсҭбара дуи  иақәыӡбоит. Иара убас, иаҵшьны иазгәарҭоит аиадертә бџьарла ақәмақарра ма уи ахархәара  шыҟамло.

Москва ишырҳәаз ала,  «Урыстәыла иаҿагыло» мраҭашәаратә ҳәынҭқаррақәа  G20 аҩныҵҟа адестабилизациа рылшеит .