Китаи ахада - Урыстәылеи Украинеи рыбжьара аҭынчратә аиҿцәажәара амҩаԥгара Китаи, Германтәылеи Франциеи еицадгылароуп

Китаи ахада Си Ӡинпин Германтәыла аканцлер Олаф Шульци, Франциа ахада Еммануель Макрони авиртуалтә режим аҿы дырԥылеит.

ВВС аинформациаала, Си Ӡинпин аиԥылараҿ ишазгәеиҭаз ала, Украина аҭагылазаашьа аконтроль хтәылак азыруроуп. Урыстәылеи Украинеи рыбжьара аҭынчратә аиҿцәажәара амҩаԥгара Китаи, Германтәылеи Франциеи еицадгылароуп.

Аихқәа ишаарыцҳаз, Украина аибашьра иадҳәаланы Китаи анеитралтә позициа амоуп. ЕАР ашәарҭадаратә хеилак аҿы имҩаԥгаз абжьыҭираан, Китаи ахаҭарнак аҽанкылара иӡбеит.