Келли Дегнан - Қырҭтәылантә Украина апартиарацәа аделегациа ахьдәықәло апозитивтә фактуп
Келли Дегнан - Қырҭтәылантә Украина апартиарацәа аделегациа ахьдәықәло апозитивтә фактуп

Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан лажәақәа рыла, Қырҭтәылантә Украина апартиарацәа аделегациа ахьдәықәло апозитивтә фактуп.

Ацҳаражәҳәаҩ ишаалыцҳаз, Украина адәықәлара ала ақырҭуа делегациа ақырҭуа жәлар Урыстәыла агрессиа иаҿагыланы асуверенитети атерриториатә акзаареи иазықәԥо Украина адгылара шаадырԥшуа шьақәнарӷәӷәоит.

“Қырҭтәылантә Украина апартиарацәа аделегациа ахьдәықәло апозитивтә фактуп.Украина адәықәлара ала ақырҭуа делегациа ақырҭуа жәлар Урыстәыла агрессиа иаҿагыланы асуверенитети атерриториатә акзаареи иазықәԥо Украина адгылара шаадырԥшуа шьақәнарӷәӷәоит.

Исымоу аинформациала,апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили апозитивтә ҭелтә аицәажәара иман украинатәи Рада аспикер Руслан Степанчук иҟны. Ақырҭуа жәлар украинаа аиашьаратә рыдгылара шынагӡахо даара сеигәырӷьоит”, – илҳәеит Дегнан.

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа  Папуашвили анапхгара ззиуа апарламенттә делегациа Украинаҟа идәықәлеит. Аделегациа иалоуп апарламент авице-спикерцәа  Давиҭ Сергеенкои, Арчил Ҭалакваӡеи, Леван Иоселиании, иара убас,  «Лело» иалахәы Анна  Нацвливилии,  «Гирчи» алахәыла  Вахтанг Мегрелишвилии,   «Ареспубликатә партиа» алахәыла  Хаҭуна Самниӡеи, апартиа  «Қырҭтәыла адгыларазы» алахәыла Гьаргь Хоџьеванишвилии.