Қарҭ ахада Каха Калаӡе Қырҭтәыла иҟоу Британиа дуи Аҩадатәи Ирландиеи еидҵоу ркралра ацҳаражәҳәаҩ Марк Клеитон диԥылеит.
Аҳҭнықалақь ахада ипрессмаҵзура аинформациа ала, аусуратә аиԥылараҿ аганқәа аҳҭнықалақь аҿы иинагӡаз, иара убас инагӡараны иҟоу апроектқәеи алхраԥхьатәи аҭагылазаашьеи рыхцәажәеит.
Апрессмаҵзура аинформациа ала, аиԥылараҿ ирыхәаԥшыз азҵаарақәа иреиуан алхраԥхьатәи аҭагылазаашьеи Қарҭ ахада иҭыԥ азы акандидат иаҳасаб ала Каха Калаӡе ипланқәеи.
Каха Калаӡе ишазгәеиҭаз ала, иалхраԥхьатәи кампаниа апозитивтә усқәа мацара ирызкуп. Калаӡе иажәақәа рыла, Қарҭ ауаԥсыра рыдгылара имоуп, убри аҟынтә актәи атур аҿы аиааира шииго агәра игоит.