Каха Калаӡе  «Ақырҭуа гәахәтәы» аҩнуҵҟа аиҿагылара иазку аинформациа мап ацәикит
Каха Калаӡе  «Ақырҭуа гәахәтәы» аҩнуҵҟа аиҿагылара иазку аинформациа мап ацәикит

Қарҭ ахада Каха Калаӡе   «Ақырҭуа гәахәтәы» аҩнуҵҟа аиҿагылара иазку аинформациа мап ацәикит.

«Уи мцуп, апартиа ахантәаҩы дамоуп. Иракли Кобахиӡе ақәҿиарақәа изеиҕьасшьар сҭахуп», — иҳәеит Калаӡе.

Иара убас, Қарҭ ахада, Иракли Ҕарибашвилигьы дихцәажәан, ишиҳәаз ала, Аҧыза-министр  атәылаҿы иҟоу апроблемақәа рыӡбразы крызҵазкәа апланқәа имоуп.

«Иракли Ҕарибашвили, апандемиа, асоцал-економикатә ҭагылазаашьа уҳәа,   атәылаҿы иҟоу апроблемақәа рыӡбразы крызҵазкәа апланқәа имоу», — иазгәеиҭеит Каха Калаӡе.