Каха Калаӡе - Агәра ганы сыҟоуп уаҵәтәи "Алегендацәа рыхәмарра" аинтерес ду шаҵазаауа
Қарҭ ахада Каха Калаӡе иахьа имҩаҧигаз апресс-конференциа иалахәын Қырҭтәыла аизга ҧасатәи ахәмарҩы Шоҭа Арвелаӡеи, «Барселона» ҧасатәи ахәмарҩы Ҳавиер Савиолеи, УЕФА ачемпионцәа рлига аиааирагаҩы Иари Литманени.
Калаӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла иаҭаауеит адунеи иреиҕьу акомнандақәа, «Барселона» — аҭоурых дуи идуӡӡоу ашьапылампыласҩцәеи змоу клубуп.
Уаҵәы «Динамо-Аренаҿ» ақырҭуа ашьапылампыл аветеранцәа «Барселона» алегендартә ахәмарҩцәа ирацлабуеит. Уи ҵыҧх Баҭым иалагаз апроект «Алегендацәа» аҩбатәи аматч ауп.
Аматч ихы алаирхәоит Қырҭтәыла аизга ҧасатәи акаҧдан, Қарҭ ахада Каха Калаӡе. Ахәмарра иалагоит асааҭ 19:00 рзы.