Каха Калаӡе - 12 рекомендациа рынагӡаразы анапхгара иалшо зегь ҟанаҵоит
Каха Калаӡе - 12 рекомендациа рынагӡаразы анапхгара иалшо зегь ҟанаҵоит

Қарҭ ахада Каха Калаӡе иҟаиҵаз аҳәамҭала, “адеолигархиазциа иазку азакәан” Венециатәи акомиссиахь ашьҭра дадгылоит.

Калаӡе иажәақәа рыла, 12 рекомендациа рынагӡаразы анапхгара алшо зегь ҟанаҵоит

«Ари аӡбара садгылоит. Азакәанпроект иазкны изныкымкәа иҳҳәахьеит арҭ 12 пунк рынагӡаразы иҳалшо зегь шыҟаҳҵо. Хәҭак ауп “Адеолигарзизациа иазку” азакәан, уигьы ҳадаҳкылоит”, – иҳәеит Калаӡе.

Иацы “Ақырҭуа гәахәтәы” аҟынтә ишаарыцҳаз, апарламент аҿы ахԥатәи аԥхьара мҩаԥгаанӡа, Венециатәи акомиссиахь “адеолигархиазциа иазку” азакәан ашьҭра аӡбара рыдыркылеит.