Карл Харцель – Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа аобиективтә ахәшьара аҭара амзызла Жәлар рыхьчаҩи лгәыҧи рыла  иацҵаны амедицинатә експертиза  амҩаҧгара ҳадгылоит
Карл Харцель – Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа аобиективтә ахәшьара аҭара амзызла Жәлар рыхьчаҩи лгәыҧи рыла  иацҵаны амедицинатә експертиза  амҩаҧгара ҳадгылоит

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ  Карл  Ҳарцель ишиҳәаз ала,   Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа аобиективтә ахәшьара аҭара амазызла жәлар рыхьчаҩи лгәыҧи рыла иацҵаны амедицинатә експертиза амҩаҧгара дадгылоит.

Карл Харцель ари атәы иҩит  Twitter аҿы.

«Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа аобиективтә ахәшьара аҭара амзызла Жәлар рыхьчаҩи лгәыҧи рыла  иацҵаны амедицинатә експертиза  амҩаҧгара ҳадгылоит, ари апроцесс мҩаҧысуеит  Қырҭтәыла ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара ахылаҧшразы Жәлар рыхьчаҩ иланашьоу амандат аҳәаақәа ирҭагӡаны», — иҩит адипломат.

Иацы гәыҧҩык аҳақьымцәа Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили уажәы дахьыҟоу аусбарҭа №18 аҿы иҟан.