Карл Харцель – Ҳара Михаил Саакашвили изинқәа рыхьчара иадҳәалоу аҭагылазаашьа ҳацклаҧшуеит
Карл Харцель – Ҳара Михаил Саакашвили изинқәа рыхьчара иадҳәалоу аҭагылазаашьа ҳацклаҧшуеит

Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа иадҳәаланы мышқәак раҧхьа иҟаҵаз ашьаҿақәа срықәшаҳаҭуп. Абзиахара даҿуп,  уи сгәы иаахәеит,  ихадаратә зинқәа рыхьчара аганахьала амҩа иаша иануп, — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель.

Иара иажәақәа рыла,  Саакашвили идҳәалоу ахҭысқәа дрыцклаҧшуеит.

«Уи иаанагом абарҭ ахҭысқәа хыркәшоуп ҳәа. Ҳар Михаил Саакашвили ихадаратә зинқәа рыхьчара иадҳәалоу аҭагылазаашьа ҳацклаҧшуеит Аӡбаратә процесс аҿы илахәызаара иазкны сгәаанагара сҳәахьеит,  иара ари алшара иҭатәуп,  избанзар уи Қырҭтәыла азакәани Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи Аконвенциеи рыла иазҧхьагәаҭоуп», — иҳәеит Ҳарцель.