Каиа Каллас  - Аибашьрабжьараан Естониа иҟанаҵаз агха европатәи атәылақәа еиҭа ҟарымҵароуп, уажәы атәылахьчараҿ аинвестициа аларгалароуп
Каиа Каллас - Аибашьрабжьараан Естониа иҟанаҵаз агха европатәи атәылақәа еиҭа ҟарымҵароуп, уажәы атәылахьчараҿ аинвестициа аларгалароуп

Аибашьрабжьараан Естониа иҟанаҵаз агха европатәи атәылақәа еиҭа ҟарымҵароуп, уажәы атәылахьчараҿ аинвестициа аларгалароуп, – илҳәеит Естониа аԥыза-министр Каиа Каллас.

Естониа аиҳабыра рнапхгаҩы лажәақәа рыла, аибашьраҿ Украина аҵахар, европатәи тәылақәак Урыстәылазы цәҟьарас иҟалоит.

„Ари аибашьра иҭбаахарц ҳҭахымзар, Украина ҳацхраароуп. Европатәи ашәарҭадаратә архитектура мацара акәым, аглобалтә архитектура ашәарҭа иҭагылоуп. Аибашьрабжьараан Естониа иҟанаҵаз агха европатәи атәылақәа еиҭа ҟарымҵароуп, уажәы атәылахьчараҿ аинвестициа аларгалароуп“, – илҳәеит Каллас.

Евтониа аԥыза-министр “Раммштаин” акоалициа иалоу атәылақәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит рхатә ҩныҵҟатәи аалыҵ 0.25% Украина атәылахьчара азалырхырц.