Каиа Каллас – Адемонстрантцәа зегьы зыҧшра ҟамҵакә иоужьҭзароуп, Қырҭтәыла иҟанаҵо ашьаҿақәа Европаҟа рхы рхам
Каиа Каллас – Адемонстрантцәа зегьы зыҧшра ҟамҵакә иоужьҭзароуп, Қырҭтәыла иҟанаҵо ашьаҿақәа Европаҟа рхы рхам

Адемонстрантцәа зегьы зыҧшра ҟамҵакә иоужьҭзароуп, Қырҭтәыла иҟанаҵо ашьаҿақәа Европаҟа рхы рхам, – илҳәеит адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадара азҵаарақәеи рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Каиа Каллас Бриуссель, Евроеидгыла атәылақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиҧылара ашьҭахь имҩаҧгаз апрессконференциаҿы.

Каллас ишылҳәаз ала, лабҿаба иубарҭоуп Қырҭтәыла  ииашоу ашьаҿақәа шыҟанамҵо.

„Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа ҳалацәажәеит. Арепрессиатә закәанҧҵара адкылареи акциа алахәылацәа рганахьала имцхәны амч ахархәареи амшала арегионаҿ аҭагылазаашьа ҷыда иҟоуп. Адемонстрантцәа зегьы зыҧшра ҟамҵакәа иоушьҭзароуп. Ҳәарада, Қырҭтәыла иҟанаҵо ашьаҿаққәа Европаҟа рхы рхам. Ҳара акандидат тәылақәа рҟынтә аконкреттә шьаҿақәа ҳрызҧшуп. Лабҿаба иубарҭоуп Қырҭтәыла ииашоу ашьаҿақәа шыҟанамҵо“, – илҳәеит Каиа Каллас.