Џьо Баиден  -  Зеленски ажәа сиҭеит анырҵәагақәа  F-16 Урыстәыла аҵакырадгьыл ажәыларазы рхы ишадмырхәо азы  
Џьо Баиден  -  Зеленски ажәа сиҭеит анырҵәагақәа  F-16 Урыстәыла аҵакырадгьыл ажәыларазы рхы ишадмырхәо азы  

Америка ахада  США Џьо Баиден ишиҳәаз ала,  Зеленски ажәа ииҭеит анырҵәагақәа  F-16 Урыстәыла аҵакырадгьыл ажәыларазы рхы ишадмырхәо азы. Иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит  Иапониа имҩаҧысуаз  «G7» асаммит аихшьаалатә апресс-конференциаҿы данықәгылоз.

Ажурналист Џьо Баиден диазҵааит Украина анырҵәагақәа  F-16 аҭара амшала аибашьра аескалациа ҟалар ауама ҳәа.

«Зеленски ажәа сиҭеит анырҵәагақәа  F-16 Урыстәыла аҵакырадгьыл ажәыларазы рхы ишадмырхәо азы. Аха,  дара арҭ анырҵәагақәа рхархәара рылшоит Украина иҟоу аурыс арратә хәҭақәа  рықәхразы», — иҳәеит  Џьо Баиден .