Џьо Баиден иадминистрациа Украина ҩмиллиард иаҟароу арратә цхыраара иашьҭанеиуа апакет азалнахуеит
Џьо Баиден иадминистрациа Украина ҩмиллиард иаҟароу арратә цхыраара иашьҭанеиуа апакет азалнахуеит

ЕАШ ахада Џьо Баиден иадминистрациа Украина ҩмиллиард иаҟароу арратә цхыраара иашьҭанеиуа апакет азалнахуеит. Ари атәы ааицҳаит амилаҭтә шәарҭадаратә зҵаарақәа рзы ахада ибжьагаҩ Џьек Салливан CNN аинтервиу аҿы.

Украина абџьар америкатә ҵәахқәа рҟынтә азалырхуам, америкатәи ааглыхцәа абџьар ҷыдала Украиназы ҟарҵоит. Зыӡбахә ҳәоу “Ҳаимарс” асистемақәеи, артиллериатә маҭәашьарқёеи, апилот дызмам аппаратқәеи роуп.

Ацхыраара апакет иакзны ЕАШ ахада Џьо Баиден заанаҵы Киев даныҟаз аҳәамҭа ҟаиҵеит.