Џьо Баиден  -  Ҳара Украина ҳацхраауеит адгьылаҿгьы, аҳаираҿгьы, амшынаҿгьы  ахыхьчара ҕәҕәа аиқәыршәараҿы, уи арегионаҿ аҭышәынтәалара еиқәнаршәоит, иарбанызаалак ашәарҭара ааннакылоит
Џьо Баиден  -  Ҳара Украина ҳацхраауеит адгьылаҿгьы, аҳаираҿгьы, амшынаҿгьы  ахыхьчара ҕәҕәа аиқәыршәараҿы, уи арегионаҿ аҭышәынтәалара еиқәнаршәоит, иарбанызаалак ашәарҭара ааннакылоит

«Ҳара Украина ҳацхраауеит адгьылаҿгьы, аҳаираҿгьы, амшынаҿгьы  ахыхьчара ҕәҕәа аиқәыршәараҿы», — иҳәеит Америка ахада Џьо Баиден   G7 иалоу аҳәынҭқаррақәа еиқәдыршәаз азеиҧш декларациа аӡыргараан.

Џьо Баиден ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу адекларациа ашьаҭала, Украина ашәарҭадара агарантиақәа аиуеит.

Баиден  ишазгәеиҭаз ала,  Украина-НАТО ахеилак алахәылацәа зегьы еицҿакны иазхарҵеит наҟ-наҟ НАТО ашҟа Украина алалара ишақәшаҳаҭу.

«Ҳара Украина ҳацхраауеит адгьылаҿгьы, аҳаираҿгьы, амшынаҿгьы  ахыхьчара ҕәҕәа аиқәыршәараҿы, уи арегионаҿ аҭышәынтәалара еиқәнаршәоит, иарбанызаалак ашәарҭара ааннакылоит», — иҳәеит  Џьо Баиден.