Џьо Баиден ацхыраара иаамҭаны ашьақәырҕәҕәара ахьрылымшаз азы Владимир Зеленски иҿаҧхьа аҭамзаара шьҭеиҵеит
Џьо Баиден ацхыраара иаамҭаны ашьақәырҕәҕәара ахьрылымшаз азы Владимир Зеленски иҿаҧхьа аҭамзаара шьҭеиҵеит

Париж Америка ахада Џьо Баидени Украина ахада Владимир Зеленскии еиҧылеит.

Баиден ацхыраара иаамҭаны ашьақәырҕәҕәара ахьрылымшаз азы Владимир Зеленски иҿаҧхьа аҭамзаара шьҭеиҵеит.

„Афинансыркра аганахьала иҟало анаҳзымдыруаз амчыбжьқәа рзы аҭамзаара шьҭасҵоит. Аконсервативтә партиа ахаҭарнакцәа азакәанпроект  адкылара иаҧырхагахеит,  аха, ҳара, уезгьы, уи ҳалшеит“, –иҳәеит Џьо Баиден.

Иара убас, Америка ахада ишиҳәаз ала,  хара имгакәа, Украина 225 миллион адоллар иаҟароу даҽа пакеткгьы аиуеит.

„Шәара шәхьаҵуам, ақәҧара нашәыгӡоит,  уи џьоушьаратәы иҟоуп.  Ҳара хымҧада ҳшәыдгылазаауеит“, – иҳәеит Баиден.