Иран израильтәи ақалақь Хаифа аахара ала иқәмақаруеит
Иран израильтәи ақалақь Хаифа аахара ала иқәмақаруеит

«Иран, лакҩакрада, израильтәи абаҕәазатә ақалақь Хаифа иаахоит. Ҳәарада, иаҭаххар, уи ҟаҳҵоит, насгьы, лакҩакрада иҟаҳҵоит», — иҳәеит  «Исламтәи ареволиуциа ахьчаҩцәа ркорпус» аҧыза ихаҭыҧуаҩ  Али Фадави тегерантәи астудентцәа данырҧылоз.

Иара иажәақәа рыла, Израиль  ахыхьчаратә система «Аихатә ҟәырҕ» ала иқәхыз аракетақәа рхыҧхьаӡара иадҳәаланы ииашам адыррақәа аланарҵәоит.

Фадави иҳәамҭала, дара аракетақәа  30% мацароуп икарыжьыз.

«Америка  Израиль аҧнаҵеит ахатә шәарҭадара аиқәыршәаразы,  аха, ашәарҭара шыҟоу рбар, уадаҩрада Израиль иқәырхуеит», — иҳәеит  Фадави.