Иран Израиль агәҽанҵара анаҭеит Ҕаза асектораҿ адгьылтә операциа иалагар, Иран аибашьра ашҽаланагало азы
Иран Израиль агәҽанҵара анаҭеит Ҕаза асектораҿ адгьылтә операциа иалагар, Иран аибашьра ашҽаланагало азы

Иран, ЕАР ахаҭарнак ила  Израиль агәҽанҵара анаҭеит Ҕаза асектораҿ адгьылтә операциа иалагар, Иран аибашьра ашҽаланагало азы, аҭыжьымҭа   «Аксиос» ари аинформациа аланарҵәеит адипломатиатә хыҵхырҭа адырра шьаҭас иҟаҵаны.

Аҭыжьымҭа адыррала, жьҭаара 14 рзы, Ливан аҳҭнықалақь Беирут, Иран адәныҟатәи аусқәа рминистр Аигәатә Мрагылара аусқәа рзы ЕАР ахаҭарнак Тор Венесланд диҧылеит.

Axios адыррала,  Венесланд Иран адәныҟатәи аусқәа рминистр диҳәеит Ҕазеи Израили реимак Ааигәатә Мрагылара иаҳа ирҭбаау арегионашҟа имиасырц азыҳәан ирылшо ҟарҵарц.

Аҭыжьымҭа аинформациа инақәыршәаны, Иран Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгаҩы иҳәеит Иран ари аимак  арегионалтә еибашьрас иҟалар шаҭахым, ҲАМАС атҟәараҿы иҟоу аҭынчуаа рхақәиҭтәра дацхраар  шиҭаху.

Аха, убри аамҭазы, иара иаҵшьны иазгәеиҭеит Израиль арратә операциа нанагӡар, Ҕаза асектораҿ адгьылтә операциа иалагар, Иран аҭак шыҟанаҵо.   Венесланд Израиль ахаҭарнакцәа Иран адәныҟатәи аусқәа рминистр ииҳәаз рдирдырит.