Иран Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Украинахь ааҧхьара ҟанаҵеит  ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рыҧхасҭатәра зҽазызкыз ахҧатәи аган анырра иақәнымҟәаларц
 Иран Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Украинахь ааҧхьара ҟанаҵеит  ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рыҧхасҭатәра зҽазызкыз ахҧатәи аган анырра иақәнымҟәаларц

Иран ацҳаражҳәаҩ иакредитациа аанкылареи атәылаҿы ирантәи адипломатцәа рхыҧхьаӡара армаҷреи  иазкны Киев ирыдыркылаз аӡбара иадҳәаланы, Иран  анапхгара, Украинахь ааҧхьара ҟарҵеит   ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рыҧхасҭатәра зҽазызкыз ахҧатәи аган анырра иақәнымҟәаларц.  Ари атәы аанацҳаит агентра «Реитер».

Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иацы ишаарыцҳаз ала,  ари аӡбара рыдыркылеит Иран ала Урстәыла апилотдатә аҧырратә аппаратқәа  аҭара иаҭакны.

Киев ишырҳәаз ала, Урыстәыла апилотдатә аппаратқәа аҭара афакт уаанӡа Иран анапхгара  Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло азы аргама иҟарҵаз аҳәамҭа иашьашәалам.

АИХ адыррақәа рыла, Иран ацҳаражәҳаҩ иакредитациа анааныркыла ашьҭахь, иара уаҳа иҧхықәрақәа зынаигӡом, Тегеранҟа дхынҳәыроуп.