Киев аганахьала Урыстәыла имҩаҧнагаз ааха ҕәҕәа амшала ҧшьҩык ҭахеит,  Киев-Печерсктәи алавра амца ацралеит
Киев аганахьала Урыстәыла имҩаҧнагаз ааха ҕәҕәа амшала ҧшьҩык ҭахеит,  Киев-Печерсктәи алавра амца ацралеит

Киев аганахьала Урыстәыла имҩаҧнагаз ааха ҕәҕәа амшала ҧшьҩык ҭахеит,  25ҩык ахәрақәа роуит, Киев-Печерсктәи алавра амца ацралеит.

Киев ақалақь ахада Витали Кличко иажәақәа рыла, ажәылара иахҟьаны афымцацәаҳәақәа ԥхасҭахеит, 140 нызқьҩык рҟынӡа ауаа афымцамч рымамкәа иаанхеит.

Адронқәа рыԥҽыхақәа ркаҳара иахҟьаны  еиуеиԥшым аҩнқәа амца рыцралеит. Киев ақалақь арратә усбарҭа аиҳабы Тимур Ткаченко иажәақәа рыла, ИУНЕСКО Адунеизегьтәи аҭынха ахьӡынҵа иаҵанакуа Киев-Печерсктәи алавра аҧхасҭа ду аиуит.

Уи адагьы, Украина Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзура адыррақәа рыла, Харьков ақәлара иахҟьаны, хәҩык аиқәырхаҩцәа ҭахеит, хәҩык раҟара ахәрақәа роуит. Сумы ақәлара иахҟьаны хҩык ахәрақәа роуит, урҭ руаӡәы дхәыҷуп.