Сергеи Лавров: Урыстәыла Украинатәи арбџьармчқәа рҭагылазаашьа аруадаҩра ахықәкқәа рықәлара ааннакылоит
Урыстәыла Украинатәи Арбџьармчқәа рҭагылазаашьа ишиашоу ианыруа Украинатәи ахықәкқәа рықәлара мҩаԥнагоит. Абри атәы иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров, Украина дронла Москва ақәлара азы азҵаара аҭак ҟаҵо.
Лавров иажәақәа рыла, Киевтәи арежим Москватәи аобласт иақәлара ашьҭахь ииашоу ашьоуратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара хымԥадатәиуп.
“Имашәыршәа акәӡам, аҳәынҭқарра ахада, Киевтәи даҽа террористтә қәыларак ашьҭахь, аамҭа кьаҿк иалагӡаны иҳәеит, Украинатәи Арбџьармчқәа рҭагылазаашьа ишиашоу ианыруа ахықәкқәа рҿаԥхьа еиԥмырҟьаӡакәа ақәылара дуқәа мҩаԥаҳгоит ҳәа. Убри аҟнытә, сара сгәанала, ииашоу ажәақәа зегьы ҳҳәахьеит, аха акыр ҵуеит агәра згоижьҭеи, ажәақәа рымацара шазымхо», – ҳәа иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада.
Иаҳгәалаҳаршәоит, ииуни 18 азы Москва ҩышықәса ирылагӡаны иреиҳау дронтә қәылара хықәкыс иҟалеит. Урыстәылатәи аҳауатә хьчаратә мчрақәа излаарыцҳауа ала, 200 дрон рҟынӡа иҭадырхеит.