Қырҭтәыла аиашамра аминистр Паата Салиа Европатәи Ахеилак ақәыӷәӷәарақәеи, ауаҩра злам ахымҩаԥгашьеи, мамзаргьы ашьауӷеи рыԥхьырҟәҟәааразы Акомитет ахантәаҩы Алан Митчел диԥылеит.
Аминистрра иҟанаҵаз адыррақәа рыла, Паата Салиа аделегациа асистема аҿы имҩаԥысуа, насгьы иазԥхьагәаҭоу аиҭакрақәа, ахара зыдҵоуи ахара здырҵахьоуи рзинқәа рыхьчара, иара убас аҵаратә, азанааҭтә, амедицинатә программақәа рзы инарҭбаау адыррақәа риҭеит.
“Лымкаала ахшыҩзышьҭра аҭан ҳаамҭазтәи астандартқәа ирықәшәо аусбарҭа хәыҷқәа рыргылареи рыҿиареи, уи анапхгара еффективла амҩаԥгареи ахара здырҵаз рреабилитациа иазырхоу аҭагылазаашьа аԥҵареи ирыцхраауеит”.
Аганқәа ирылацәажәеит ашьауӷатә системаҿы ахәышәтәратә цхыраара аиӷьтәреи ахаҭабзиареи рзы ихыркәшоу, иахьагьы имҩаԥысуа апроектқәа. Иазгәаҭан, ахара зыдҵоуи ахара здырҵои иахәҭоу ахәышәтәратә цхыраара зегьы 24/7 ишрырҭо, иаҭаххаргьы, иҷыдоу атәылауаҩратә клиникақәа рҭааразы алшара шрымоу.
Ашьауӷақәа рықәҵаратә система аиӷьтәразы АКП абжьгарақәа ирымоу аҵакы азгәаҭан.
Аделегациа аҭаара ашьауӷатә усбарҭақәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа аилкаареи имҩаԥысуа аиҭакрақәа рдырреи ирызкуп.
Аиԥылара рхы аладырхәит аиустициа аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беқа Џьамашвили, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Шалва Тадумаӡе, Иҷыдоу ашьауӷатә усбарҭа анаԥхгаҩы хада Гьаргь Патариӡе, егьырҭ аиустициа аминистрреи, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи, иҷыдоу аҳәынҭқарратә усбарҭа ахаҭарнакцәеи.