„Роитер“ – Иран атомтә бџьар аҟаҵареи аахәареи иазку Америка аиқәшаҳаҭра аҭагылазаашьақәа ирықәшаҳаҭхеит
„Роитер“ – Иран атомтә бџьар аҟаҵареи аахәареи иазку Америка аиқәшаҳаҭра аҭагылазаашьақәа ирықәшаҳаҭхеит

Иран атомтә бџьар аҟаҵареи аахәареи иазку Америка аиқәшаҳаҭра аҭагылазаашьақәа ирықәшаҳаҭхеит, – Роитер ари аинформациа аланарҵәеит ирантәи ачынуаҩ иҳәамҭа шьаҭас иҟаҵаны.

Зыхьӡ еилкаам ачынуаҩ ишиҳәаз ала, аиқәшаҳаҭра адетальқәа еилкаахоит алагамҭатә аиқәшаҳаҭра анырыдыркылалак ашьҭахь,  60 мшы рыҩныҵҟала.

Иара иажәақәа рыла, Америка,  ирантәи анефҭ азы ишьақәыргылаз асанкциақәа иҳәаақәҵоу аамҭала раҧыхра иақәшаҳаҭхеит. Иара убас,  Вашингтони Тегерани ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрала иазҧхьагәаҭоуп Ормузтәи аӡыбжьахала аартрагьы.

„Роитер“ ишану ала, ирантәи ачынуаҩ иажәақәа рыла,  аиқәшаҳаҭра апроект инақәыршәаны,  Америка ала  иҵааз 25 миллиард адоллар ирантәи активқәа ихақәиҭыртәуеит.

Уажәааны ишеилкаахаз ала, Катар аофициалтә хаҿқәа, аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгаразы, Тегеранҟа идәықәлеит.

Амедиа адыррақәа рыла,  Вашингтони Тегерани еиқәшаҳаҭхар,  Америкеи Ирани рофициалтә хаҿқәа,  еиҧымлакәа,  аелектронтә хархәагала  аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩыр ҟалап.