Иракли Кобахиӡе  жәларбжьаратәи афинанстә сервисқәа рплатформа Bybit ашьаҭакҩи анагӡаратә директори  диҧылеит 
Иракли Кобахиӡе  жәларбжьаратәи афинанстә сервисқәа рплатформа Bybit ашьаҭакҩи анагӡаратә директори  диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе жәларбжьаратәи афинанстә сервисқәа рплатформа Bybit ашьаҭакҩи анагӡаратә директори Бен Ҷоу диҧылеит.  

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала,  аҧхьагылара змоу жәларбжьаратәи еилахәырақәа Қырҭтәылахь азҿлымҳара ду рымоуп, уи алагьы иубарҭоуп аинвестициатә лагылазаареи,  афинанстә инновациақәеи аҧхьаӡацтә активқәа рмаҵзуреи аганахьала атәылаҿ иҟоу алшарақәа аинвесторцәа ишаднаҧхьало.  

Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла аекономикатә аҿиараҿы иҟоу адинамика бзиа. Аиҧылараҿы ишырҳәаз ала, 2021-2025 шықәсқәа рзы атәыла аекономикатә азҳара абжьаратә арбага 9,3% иаҟаран.  

Аҧыза-министр иҳәамҭала,  Қырҭтәыла аиҳабыра, атәылаҿ аинформациатәи акоммуникациатәи технологиақәеи,  иара убас,  афинанстә сервисқәеи рҿиара иадгылоит, ари ахырхарҭала Bybit активла аус ацура иазыхиоуп.  

Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвилии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании, Bybit Georgia анагӡаратә директор, уи ашьаҭакҩцәа иреиу Шоҭа Ломҭаӡеи.