Иракли Кобахиӡе - Партиақәак Жәлар рыхьчаҩ иалхра иаҳԥырхагахарц рҭахуп
Иракли Кобахиӡе - Партиақәак Жәлар рыхьчаҩ иалхра иаҳԥырхагахарц рҭахуп

Анапхгаратә партиа “Ақырҭуа гәахәҭәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, Жәлар рыхьчаҩ анапхгаратә партиеи аоппозициааи рконсультациақәа ирылҵшәаны далырхуеит.

Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, партиақәак Жәлар рыхьчаҩ иалхра ирԥырхагахарц рҭахуп.

“Заанҵы ак сҳәарц сҭахым, аха аиҿцәажәарақәа раан иҟоу аҭагылазаашьа аарԥшхеит. Иахьа ҳгәаанагара зеиԥшроу исҳәом, аоппозициатә партиақәа рҟны аконсультациақәа мҩаԥаагароуп. Жәла рыхьчаҩ иалхразы анапхгаратә партиеи аоппозициатә партиақәеи аконсенсус рыбжьазароуп. Ари имариахом, избан акәзар, партиақәак Жәлар рыхьчаҩ иалхра иаҳԥырхагахарц рҭахуп. Иахьазы аомбудсмен ифоси аҿы́ “Амилаҭтә цысра” афаворитцәа рыла еиҿкаауп. Урҭ хықәкыс ирымоуп иаҳԥырхагахарц, 12 пункт рыла ишьақәгыло арекомендациақәа рынагӡареи Жәлар рыхьчаҩ иалхреи ҳалымшарц. Ари аҭагылазаашьа арцәготи, аха ари иахәамԥшыкәа Жәлар рыхьчаҩ иалхра ҳалшап ҳәа ҳгәыӷуеит”, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.