Иракли Кобахиӡе  - Мшаҧы 19-тәи аиқәшаҳаҭра аҧыхуп, убри аҟынтә, ахаланапхгаратә алхрақәа рылҵшәақәа аполитикатә ганахьала изакәызаалак ҵакык рымам
Иракли Кобахиӡе  - Мшаҧы 19-тәи аиқәшаҳаҭра аҧыхуп, убри аҟынтә, ахаланапхгаратә алхрақәа рылҵшәақәа аполитикатә ганахьала изакәызаалак ҵакык рымам

Қырҭтәыла Аконституциа инақәыршәаны, анеҩстәи алхрақәа мҩаҧысуеит  2024 шықәсазы.  Ҳоппонентцәа  аҭыҧантәи алхрақәа рҿы алҵшәа бзиа ҳмоур ҳәа ҳшәоушәа ргәы иаанагоит, аха, алҵшәақәас иҳауа рбап.  Мшаҧы 19-тәи аиқәшаҳаҭра аҧыхуп, убри аҟынтә, ахаланапхгаратә алхрақәа рылҵшәақәа аполитикатә ганахьала изакәызаалак ҵакык рымам, — иҳәеит апарламенттә аиҳара алидер Иракли Кобахиӡе.

Иара иажәақәа рыла, изаамҭаным алхрақәа мҩаҧгахом.

«Аҭыҧантәи алхрақәа рылҵшәақәа ирхьыҧшымкәа, ҳара наӡынак ҳаургьы, изаамҭаным алхрақәа мҩаҧысуам. Ҳара атәылаҿы акаолициатә еиҳабыра аиқәыршәаразы аресурс шыҟоу аабароуп. Аха, аоппозициа ауси аполитикатә процесси ишрызныҟәо аабоит, убри аҟынтә,  2024 шықәсанӡа акаолициатә еиҳабыра аиқәыршәаразы аресурс ҟалоит ҳәа ҳгәы иаанагом», — иҳәеит Кобахиӡе.