Иракли Кобахиӡе - Испаниа аихамҩаҿ иҟалаз арыцҳараан иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа срыдашшылоит 
Иракли Кобахиӡе - Испаниа аихамҩаҿ иҟалаз арыцҳараан иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа срыдашшылоит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Испаниа аихамҩаҿ иҟалаз арыцҳараан иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа дрыдашшылеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ари арыцҳара иазкны аҳәамҭа ҟаиҵеит асоциалтә аҳа  X аҿы.

«Испаниа аихамҩаҿ иҟалаз арыцҳараан иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа гәыкала срыдашшылоит. Ихьанҭаӡоу аамҭазы аиспан жәлар ҳрыдгылоит», — иҩит  Иракли Кобахиӡе.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Испаниа адәыҕбақәа реиҿасра амшала  39ҩык ҭахеит,  170ҩык иреиҵамкәа аахақәа роуит. Арыцҳара ҟалеит Испаниа аладатәи ахәҭаҿы, ақалақь Кордова иазааигәаны.