Иҳәынҭқарратәым аиҿкаара ма дарбанзаалак аполитик, уаҵәы ауахәама иаҿагыло акампаниа аҽалархәра шиқәшәо идыруазар, иахьа Қырҭтәыла Апатриарх иҧсразы ақырҭуа жәлар дызрыдашшылома, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе „Имеди LIVE“ аефираҿ.
Аҧыза-министр иҳәамҭала, абри амшалоуп иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи аполитикцәақәаки Апатриарх иҧсразы ақырҭуа жәлар изрыдамшшылаз.
„Аполитикатә ганахьала иуҳәозар, дара ақырҭуа жәлар ирыдашшылар рзеиҕьын. Аха, дара роуп Қырҭәтыла ауахәама иаҿагыланы акампаниақәа еиҿызкаауаз. Ари азҵаара иахьагьы актуалтә ҵакы амоуп. Дара уаҵәгьы абри аҩызаҵәҟьа акампаниақәа нарыгӡароуп, уаҵәгьы Қырҭтәыла ауахәамеи егьырҭ аинститутқәеи ирҿагылароуп. Убри аҟынтә, дара ҧхьаҟа иҧшны, наҟ-наҟтәи ркампаниақәеи зынагӡара рықәшәо апланқәеи ирызхәыцын, еилыркааит иарбанзаалак аҳәамҭа, иарбанзаалак адашшылара аҟаҵара шрыхәҭамыз. Дара атәым ҳәынҭқарра агентцәа роуп. Иҳәынҭқарратәым аиҿкаара ма дарбанзаалак аполитик, уаҵәы ауахәама иаҿагыло акампаниа аҽалархәра шиқәшәо идыруазар, иахьа Қырҭтәыла Апатриарх иҧсразы ақырҭуа жәлар дызрыдашшылома. Абри амшалоуп иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи аполитикцәақәаки Апатриарх иҧсразы ақырҭуа жәлар изрыдамшшылаз“, – иҳәеит аҧыза-министр.