Иракли Кобахиӡе - Иҳаҩсыз ԥшьышықәса ауадаҩрақәеи ааԥхьарақәеи рыла иҭәын
Иракли Кобахиӡе - Иҳаҩсыз ԥшьышықәса ауадаҩрақәеи ааԥхьарақәеи рыла иҭәын

Иҳаҩсыз ԥшьышықәса ауадаҩрақәеи ааԥхьарақәеи рыла иҭәын. Арҭ ԥшьышықәса ирылагӡаны, ҳара ҩ-револиуциатә ҽазышәарак ҳархысит, ҳекономика аилабгара аҽазышәара, ҳтәыла аибашьрахь аҭагалара аҽазышәара ҳахысит, аха ҳара ҳакзаара абзоурала ауадаҩрақәа зегьы риааира, рыҿагылара, аҭынчра ахьчара ҳалшеит. Арҭ ԥшьышықәса ирылагӡаны атәыла аекономика 40 миллиард лари рыла аизырҳара ҳалшеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министррахь акандидат Иракли Кобахиӡе апарламент аҿы данықәгылоз.

Кобахиӡе ишазгәеиҭаз еиԥш, ари зегьы ҳгәыԥ абзоурала ҳалшеит.

“Шәыззегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп, ари ақәԥараҿ аиааира ҳамчқәа еидкыланы ҳалшеит. Иахьазы Қырҭтәыла асуверенитет амоуп, уи иахьа иаҳа иӷәӷәоуп, ари зыбзоуроугьы шәара шәоуп. Ҳәарас иаҭахузеи, ҳтәыла аҿиара ҳахылаԥшлароуп. Ҳара ҳтәылаҿы иҟоуп ауаа, Атәым  нырра иазыз азакәан шәыдышәкылар ашьыжь Челиабинск ҳҿыхоит ҳәа зҳәоз. Иҳаҩсыз ԥшьышықәса ауадаҩрақәеи аԥышәарақәеи рыла иҭәын. Арҭ ԥшьышықәса ирылагӡаны, ҳара ҩ-револиуциатә ҽазышәарак ҳархысит, ҳекономика аилабгара аҽазышәара, ҳтәыла аибашьрахь аҭагалара аҽазышәара ҳахысит, аха ҳара ҳакзаара абзоурала ауадаҩрақәа зегьы риааира, рыҿагылара,аҭынчра ахьчара ҳалшеит. Арҭ ԥшьышықәса ирылагӡаны атәыла аекономика 40 миллиард лари рыла аизырҳара ҳалшеит”, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе .