Иракли Кобахиӡе - Ҳара ахәқәа рыларҟәразы адистрибиутортәи аџьармыкьатәи аҳақәа активла аус рыцура ҳалагоит, апарламентахь аҳәара ҟасҵоит ари азҵаара ахәаҧшразы апарламенттә комиссиа еиҿыркаарц
Иракли Кобахиӡе - Ҳара ахәқәа рыларҟәразы адистрибиутортәи аџьармыкьатәи аҳақәа активла аус рыцура ҳалагоит, апарламентахь аҳәара ҟасҵоит ари азҵаара ахәаҧшразы апарламенттә комиссиа еиҿыркаарц

«Ҳара ахәқәа рыларҟәразы адистрибиутортәи аџьармыкьатәи аҳақәа активла аус рыцура ҳалагоит. Иаҭаххар, егьырҭ атәылақәа рҿы аларҵәара змоу еиуеиҧшым антимонополиатә механизмқәа ҳхы иаҳархәоит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ахархәаратә ахәқәа ирыдҳәаланы иҟаиҵаз авидеоааҧхьараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы азинхьчаратә органқәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит ари азҵаара шьаҭанкыла иҭырҵаарц.

«Азинхьчаратә орагнқәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит аҭагылазаашьа ҭҵааны, аконкреттә субиектқәа русураҿы ашьауҕатә ацәгьаура адыргақәа иҟазар еилыркаарц.   Иара убас, Қырҭтәыла апарламентахь аҳәара ҟасҵоит зыӡбахәы ҳәоу азҵаара ахәаҧшразы апарламенттә комиссиа еиҿыркаарц», — иҳәеит  Иракли Кобахиӡе.