Иракли Кобахиӡе  - Ҳара  2028 шықәса анҵәамҭанӡа Евроеидгылаҟны аиҿцәажәарақәа ралагара азҵаара иқәҳаргылом,  Евроеидгыла агрант мап ацәаҳкуеит,  Евроеидгыла ахырхарҭала ацара наҳагӡоит,  аха,  еснагь ашантаж ҳзура аӡәгьы азин иаҳҭом
Иракли Кобахиӡе  - Ҳара  2028 шықәса анҵәамҭанӡа Евроеидгылаҟны аиҿцәажәарақәа ралагара азҵаара иқәҳаргылом,  Евроеидгыла агрант мап ацәаҳкуеит,  Евроеидгыла ахырхарҭала ацара наҳагӡоит,  аха,  еснагь ашантаж ҳзура аӡәгьы азин иаҳҭом

«Иахьа ҳара ишыҳаӡбаз ала, 2028 шықәса анҵәамҭанӡа Евроеидгылаҟны аиҿцәажәарақәа раартра азҵаара иқәҳаргылом. Иара убас,  2028 шықәса анҵәамҭанӡа Евроеидгыла абиуџьеттә грантқәа мап рцәаҳкуеит.  2028 шықәса анҵәамҭазы Қырҭтәыла, аекономикатә ганахьала,  2030 шықәсазы Евроеидгыла алаларазы ашәқәа раартра иазыхиазаауеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе  «Ақырҭуа гәахәтәы» аофисаҿ имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Иахьатәи абрифинг аҿы Иракли Кобахиӡе ари аӡбара зыхҟьаз амзызқәа дрылацәажәеит.

Иара иажәақәа рыла,   «ҳасабтәс иҳамоуп   2030 шықәсазы Евроеидгыла алалара,  уи азыҳәан иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит». Аха,  аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала,  Евроеидгыла алалара агәыҳалалра аҳасабала иахәаҧшыр рҭахым.

«Убри аҟынтә,  ақырҭуа жәлар,  Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа ганкала ирыхәаҧшуа европатәи аполитикцәақәаки абиурократцәеи рхымҩаҧгашьа изақәшаҳаҭхом.   Иара убас,  аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳганахьала иҳаҳауа ахьымӡҕргаратә ҳәамҭақәа ҳадаҳкылом.

Ҳтәыла бзиарак азеиҕьазымшьо атәылақәа Европарламент рхы иархәаны,  Қырҭәтәыла ашантаж азыруеит,  уи Евроеидгылазы даараӡа иҧхашьароуп.  Аҵыхәтәантәи хышықәса рыла Европарламент имцырку,  ихьымӡҕу 5 резолиуциак аднакылеит,  ақырҭуа жәлари,  иара убас,  Еврокомиссиеи Европатәи ахеилаки арҭ арезолиуциақәа ирықәшаҳаҭымызт», — иҳәеит иара.

Кобахиӡе иҳәамҭала, европатәи аполитикцәеи абиурократцәеи агрантқәеи акредитқәеи Қырҭтәыла ашантаж азуразы рзы иадырхәоит.