Иракли Кобахиӡе Европа ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада диҧылеит 
Иракли Кобахиӡе Европа ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Европа ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада Алан Берсе диҧылеит.

Будапешт имҩаҧысуа Европа аполитикатә аидгыла асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Европа ахеилаки рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа  аусеицура иалацәажәеит, ишазгәаҭаз ала, ари аусеицура  атәыла евроинтеграциа амҩаҿ ареформақәа рымҩаҧгара апроцессаҿ алагала ду ҟанаҵоит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Европа ашәарҭадара аиқәыршәара аганахьала иҟоу аҳасабтәқәеи Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьеи иалацәажәеит.  Хшыҩзышьҭра азун аҭынчмҩала аимакқәа рҭыҧқәҵареи агәреибагара аиҭашьақәыргылареи апроцессаҿ  Европа ахеилак инанагӡо ароль, ари аганахьала ҷыдала иазгәаҭан агуманитартә проектқәеи адиалог амеханизмқәеи рҵакы. Иара убас, ҷыдала иазгәаҭан Европа ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада иконсолидациатә аҳасабырбеи аминистрцәа ркомитет есышықәсатәи аӡбарақәеи рҵакы ҷыда.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, наҟ-наҟ Европа ахеилак аҟны аусеицура арҭбаара дазыхиоуп, иара иаҵшьны иазгәеиҭеит ари аиҿкаара ароль ду шынанагӡо Европа аконтинентаҿ адемократиеи, ауаҩытәыҩса изинқәеи, азакәан аиҳаӡареи рырҕәҕәара апроцессаҿ.