Иракли Кобахиӡе - Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ақырҭуа жәлар атәылауаҩратә аибашьреи аҕарреи рыла дрықәмақаруеит, уи ухахьы иузаагом, уи алагьы иубарҭоуп ацҳаражәҳәаҩ иҭагылазаашьа шыхьанҭоу
Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ақырҭуа жәлар атәылауаҩратә аибашьреи аҕарреи рыла дрықәмақаруеит, уи ухахьы иузаагом, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.
Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ихьанҭаӡоу аҭагылазаашьаҿы дыҟоуп, иара ақырҭуа жәлар рықәмақарра иқәшәеит.
„Ари аҳәамҭа ахцәажәара сцәыуадаҩуп. Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ақырҭуа жәлар атәылауаҩратә аибашьреи аҕарреи рыла дрықәмақаруеит, уи ухахьы иузаагом. Ари ахәамҭа ахәшьара узаҭом. Даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ацҳаражәҳәаҩ ихьанҭаӡоу аҭагылазаашьаҿы дшыҟоу, иара ақырҭуа жәлар рықәмақарра иқәшәеит, уи алагьы иубарҭоуп иҭагылазаашьа шыцәгьоу“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Ҳерчински Бриуссель, Адәныҟатәи аусқәа рзы амаҵзураҿы данықәгылоз иҳәеит:
„Акоуп ақырҭуа жәлар ирасҳәар исҭаху – „агәыҕра шәцәымӡааит“. Қырҭтәылеи асасдкылара злоу ақырҭуа жәлари амчылареи, атәылауаҩратә еибашьреи, аҕарреи, агәаҟреи аамҭа лашьцақәа рахь рыхынҳәра алҳмыршароуп. Дара иаҳа еиҕьу аразҟы рымазароуп. Атәыла анапхгара ҳара аус ҳацура шырҭаху аадырҧшыр, иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит Қырҭтәыла Евроеидгыла алахәылас иҟаларцаз“