Иракли Кобахиӡе - Есышықәса, аекономикатә азҳара иашьашәаланы, атәанчахә иацлоит
«Алхраҧхьатәи акампаниаан ҳара ауаа ажәа раҳҭеит анеҩстәи ашықәс азы 65 шықәсанӡа зхыҵуа атәанчуаа рзы аминималтә атәанчахә 350 лари аҟынӡа ишацаҳҵо азы, иаҳа зықәра дуу ауаа 450 лари атәанчахә роуеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе апарламент апленартә аилатәараҿы данықәгылоз.
Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, абри зегьы иарбоуп Қырҭтәыла апарламент ишьақәнарҕәҕәо абиуџьет апроект аҿы.
«Ашьхаҳаракыратә анхарҭатә пунктқәа рҿы анеҩстәи ашықәс азы атәанчахә 420 ларии 540 ларии аҟынӡа иазҳауеит. Аекономикатә азҳара иашьәашәаланы атәанчахәгьы есышықәса иацаҳҵоит», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.