Иракли Кобахиӡе  Беларусь авице-аҧыза  диҧылеит
Иракли Кобахиӡе  Беларусь авице-аҧыза диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе  Беларусь авице-аҧыза Иури Шулеико диҧылеит.  

Ишиашо аформатаҿ имҩаҧгаз аиҧылараҿы Беларуси Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәеи аусеицуразы иҟоу аперспективақәеи ирылацәажәеит. 

Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-ганктәи апартниорра иаҵанакуа актуалтә зҵаарақәа ирзааҭгылеит, ахәаахәҭра-економикатә усхкы аҿы апартниоррагьы уахь иналаҵаны. Иаҵшьны иазгәаҭан  иҭышәынтәалоу, зпрогнозҟаҵара ҟало, аинвесторцәа ирзыманшәалоу алагылазаара  аҧҵараҿы Қырҭтәыла, ишәарҭам атәыла аҳасабала  инанагӡо ароль ду.  

Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан атәылақәа рзы актуалтә ҵакы змоу аекономикатә зҵаарақәа рылацәажәаразы Қырҭтәылеи Беларуси реиҳабырабжьаратә економикатә комиссиа абыжьбатәи аилатәара амҩаҧгара иамоу аҵакы. 

Аганқәа рхаҭарнакцәа атуризм аусхкы аҿы иҟоу адинамика бзиеи Қырҭтәыла иаҭаауа беларустәи атуристцәа рхыҧхьаӡара ацлареи иалацәажәеит.