Иракли Кобахиӡе Атәылахьчаратә мчқәа рахь - Шәара аибашьра шәахысхьеит, зегьы раасҭа ижәдыруеит аҭынчра зыҧсоу
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии еицыҟарҵаз адгалара ашьаҭала, атәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Атәылахьчаратә мчқәа рхаҭарнакцәа Ахьӡ-аҧша аорденқәеи амедальқәеи ранеишьеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы Атәылахьчаратә мчқәа рхаҭарнакцәа Ахьӡ-аҧша аорденқәеи амедальқәеи ранашьара рыдныҳәаланы, Қырҭтәыла ахыхьчаралшара арҕәҕәара аус аҿы иҟарҵаз алагала ду азыҳәан ҭабуп ҳәа реиҳәеит. .
„Иахьа абра шәеизеит арбџьармчқәа рнапхгаҩцәеи, рлидерцәеи, 2008 шықәсатәи аибашьра аветеранцәеи, жәларбжьаратәи амиссиақәа ирылахәыз аибашьцәеи, шәара, шәхы шәамеигӡакәа, Қырҭтәыла шәыхьчеит, иахьа, уажәшьҭа анапхгаҩцәа раҳасабала, ҳаамҭазтәи ақырҭуа ар арҿиара шәаҿуп. Иахьа иҳамоу алҵшәа бзиақәа шәара ишәыбзоуроуп. Аштаб хадаҿы аларҵәара рымоуп НАТО астандартқәа ирышьашәалоу ҳаамҭазтәи анапхгаратә доктринақәеи акризистә ҭагылазаашьақәа рхылаҧшра аеффективтә механизмқәеи. Арратә ааҧхьара амаҵзураҿы аҭоурыхтә ҵакы змоу ареформа қәҿиарала имҩаҧысуеит. Фымзи аамзеи рзы иазҧхьагәаҭоу азыҟаҵаратә программақәа иалагахьеит, уи абзоурала, апрофессионалтә резерв ҕәҕәа ҳауеит. Арекрутреи аррахь ааҧхьареи аеффективтә система ҿыц шьақәгылеит, уи абзоурала, аҿар рыгәҭа арратә маҵзура апрестиж шьҭыҵит. Иахьа ҳиункерцәа европатәи аҩаӡара иашьашәалоу аҵара роуеит, аофицарцәа еиҵбацәа ршколи арезервтә программақәеи арбџьармчқәа ринтеллектуалтә ҧеиҧш еиқәдыршәоит. Қырҭтәыла еиҿкаауп асержантцәа разыҟаҵара асистема ҿыц, уи аруаа зегьы реибашьратә доуҳа ишиашо ианыруеит. Шәара аибашьра шәахысхьеит, аҭынчра зыҧсоу зегьы раасҭа ижәдыруеит. Апатриоризми азанааҭдырреи инрываргыланы, абри аҧышәагьы абзоурала, шәара егьырҭ зегьы шәреиҕьны Қырҭтәыла ашәарҭадара еиқәшәыршәоит. Ҳаамҭазтәи ақырҭуа ар аҿиара аҭынчра аиқәыршәароуп иаанаго. Аҧсадгьыл азгәыкреи ибзиаӡаны амаҵзура анагӡареи аганахьала ҳтәылауаҩ цыҧхьаӡа изы шәҿырҧшыгоуп. Уи азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит, ишәықәнагоу анашьамҭақәа раиуреи иааиуа Ашықәс Ҿыци шәыдысныҳәалоит. 2026 шықәса Қырҭтәыла аиааира дуқәеи, аҭынчреи, аҿиареи азаанагааит“, – иҳәеит аҧыза-министр.
Анашьамҭаҭара ацеремониа мҩаҧган апрезиденттә аханаҿ. Атәылахьчаратә мчқәа рхаҭарнакцәа анашьамҭақәа раиура рыдырныҳәалеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, авице-аҧыза, Атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовании, аинрал-леитенант Гьаргь Маҭиашвилии. Анашьамҭаҭара ацеремониа ашьҭахь, атәыла ахада Атәылахьчаратә мчқәа рхаҭарнакцәа аныҳәатә адкылараҿы идикылеит.