Иракли  Кобахиӡе  - Ацҳаражҳәаҩцәа ҳанырҧылоз, алхраҧхьатәи алагылазаара ҳалацәажәеит, Шарль Мишель идокументи анҵамҭақәа дрыламцәажәеит
Иракли  Кобахиӡе  - Ацҳаражҳәаҩцәа ҳанырҧылоз, алхраҧхьатәи алагылазаара ҳалацәажәеит, Шарль Мишель идокументи анҵамҭақәа дрыламцәажәеит

Ҳара ацҳаражҳәаҩцәа алхраҧхьатәи алагылазаара иазкны аинформациа раҳҭеит, Шарль Мишель идокументи анҵамҭақәеи ҳрыламцәажәеит, — иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.

Иара иажәақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу аиҧылара алхраҧхьатәи азҵаарақәа мацара ирызкын.

«Иахьа ҳара Евроеидгылеи уи иалоу атәылақәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа ҳарҧылеит. Абри аҩыза аиҧылара алхрақәа зегьы раҧхьа имҩаҧысуеит. Апартиақәа рхаҭарнакцәа алхратә процесси рхәаҧшырақәеи ирылацәажәар рылшоит. Убри ашьҭахь ацҳаражәҳәаҩцәа азҵаарақәа иқәдыргылоит. Ҳара алхраҧхьатәи алагылазаара иазкны аинформациа раҳҭеит, убри анеҩс, даргьы зҵаарақәак ҳарҭеит. Алхраҧхьатәи процесс мацароуп ҳазлацәажәоз. Шарль Мишель идокументи анҵамҭақәеи зынӡаскгьы ҳрыламцәажәеит», — иҳәеит Кобахиӡе.