Иракли Кобахиӡе  –  Апроект «Eagle Hills» аинвестициақәа алаҵара иадҳәаланы арабизациа аконтекстаҿ имҩаҧгаз  акампаниа акгьы ахылымҵит,  ҳуааҧсыра агәра ргеит ари аинвестициа ҳтәыла аекономикатә аҿиара ишацхраауа 
Иракли Кобахиӡе  –  Апроект «Eagle Hills» аинвестициақәа алаҵара иадҳәаланы арабизациа аконтекстаҿ имҩаҧгаз  акампаниа акгьы ахылымҵит,  ҳуааҧсыра агәра ргеит ари аинвестициа ҳтәыла аекономикатә аҿиара ишацхраауа 

«Апроект «Eagle Hills» аинвестициақәа алаҵара иадҳәаланы арабизациа аконтекстаҿ имҩаҧгаз  акампаниа акгьы ахылымҵит,  ҳуааҧсыра агәра ргеит ари аинвестициа ҳтәыла аекономикатә аҿиара ишацхраауа», – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Кобахидзе ателеканал  «Имеди» аҿы имҩаҧгаз абедатқәа раан.

Аҧыза-министр иҳәамҭала, адебатқәа рыбзоурала, атәыла ауааҧсыра ари апроект иазкны иаҳа инарҭбаау аинформациа роуит.

«Ауаа адебатқәа рҽалархәра рҭахымзар, уи иаанаго акоуп, дара адискуссиа иацәшәоит.  Амиграциеи апроект  «Eagle Hills»-и ртема актуалтә ҵакы амоуп. Ҳуааҧсыра ари атемазы амонолог аформатла аинформациа роуит, аха, амонолог аан инарҭбаау аинформациа аиура уадаҩуп. Иахьа адискуссиа амҩаҧгаразы алшара ҳауит, ауаа иаҳа инарҭбаау аинформациа роуит. Ателеканал  «Имеди» аҿы аконструктивтә дебатқәа нагӡахап ҳәа сгәыҕуеит.

Амиграциеи адемографиеи аганахьала аҭагылазаашьа аиҕьтәразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит. Ари ахырхарҭала имаҷымкәа аинициативақәа ҳамоуп. Апроект «Eagle Hills» аинвестициақәа алаҵара иадҳәаланы арабизациа аконтекстаҿ имҩаҧгаз  акампаниа акгьы ахылымҵит. Ҳара ари азҵаара афинанстә ганахьала ҳалацәажәаратәы алшара ҳаман. Ҳуааҧсыра агәра ргеит ари аинвестициа ҳтәыла аекономикатә аҿиара ишацхраауа», — иҳәеит аҧыза-министр.