Иракли Кобахиӡе  афатәаалыҵ ахәқәа ирыдҳәаланы еиҿкааз аиҳабыратә координациатә комиссиа аформатаҿ, афармацевтикатә еилахәырақәа рхаҭарнакцәа дырҧылеит 
Иракли Кобахиӡе  афатәаалыҵ ахәқәа ирыдҳәаланы еиҿкааз аиҳабыратә координациатә комиссиа аформатаҿ, афармацевтикатә еилахәырақәа рхаҭарнакцәа дырҧылеит 

Абизнес ахы иақәиҭуп, ахы иақәиҭзароуп, ахәқәа рышьақәыргылара апроцесс мҩаҧысроуп зхы иақәиҭу аџьармыкьатә принципқәа рышьаҭала, аха, аҧҭекақәа ҳанрылацәажәо, араҟа асоциалтә компонентгьы иҟоуп, уи даараӡа ҳаргәамҵуеит. Аиаҳабыра раҳасабала, ҳара аҭакҧхықәра ду ҳадуп, ҳуааҧсыра рсоциалтә интересқәа ҳахьчароуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе афатәаалыҵ ахәқәа ирыдҳәаланы еиҿкааз Аиҳабыратә координациатә комиссиа аформатаҿ афармацевтикатә еилахәырақәа рхаҭарнакцәа данырҧылоз. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, ҳуааҧсыра ахәшәқәеи  аҧҭекатә ахәқәеи даараӡа иаргәамҵуеит, убри аҟынтә, аиҳабыра, ахәқәа рыларҟәразы иҟоу алшарақәа ирызкны ари аусхкы ахаҭарнакцәа ирацәажәароуп.  

„Аҧҭекатә аҳақәа ҳрылацәажәозар, 2022 шықәсазы процесск ҳахысхьеит, уи ахырхарҭақәа рацәа рыла аконкреттә ахәшәқәа ирыдҳәаланы алҵшәа бзиақәа ҳзаанагеит, аконкреттә ахәшәқәа рыхәқәа маҷхеит. Арҭ ахәшәқәа реиқәыҧхьаӡа арҭбааразы иҟоу алшарақәа ҳрылацәажәар ҳҭахуп. Иара убас, аҧҭекатә аҳақәа рҿы егьи аалыҵгьы рҭиуеит, араагьы ахәқәа реиҧшымра шдуу иаабоит. Британиа Ду, Франциа уҳәа, европатәи ахәқәа ҳрыхәаҧшыр, лассы-лассы европатәи атәылақәеи ҳареи ҳабжьара ахәқәа еиҧшым 35-40 наӡынала. Ахәқәа шьақәыргылазароуп ахәшәқәа рыла аиқәыршәара алогикатә адаҷ ашьаҭала, ари апроцессгьы интересс иҳамоуп. Ҳара абизнес ҳалацәажәоит, абизнес ахы иақәиҭуп, ахы иақәиҭзароуп, ахәқәа шьақәыргылазароуп зхы иақәиҽу аџьармыкьатә принципқәа рышьаҭала, аха, аҧҭекақәа ҳрылацәажәоазар, араҟа асоциалтә компонентгьы иҟоуп, уи даараӡа ҳаргәамҵуеит. Аиаҳабыра раҳасабала, ҳара аҭакҧхықәра ду ҳадуп, ҳуааҧсыра рсоциалтә интересқәа ҳахьчароуп, џьара аҭагылазаашьа аиҕьтәра алшара иҟазар, уи хымҧада иҟаҳҵароуп. Абри ауп ахырхарҭақәа зегьы рыла, аҧҭекақәагьы рхырхарҭалагьы ҳинициатива шьаҭас иамоу“, –  иҳәеит Иракли Кобахиӡе.  

Афармацевтикатә еилахәырақәа рхаҭарнакцәа рҟны аиҧылара мҩаҧган адискуссиа арежимаҿ. Аиҧылара рхы аладырхәит 25 афармацевтикатә еилахәырақәа рхаҭарнакцәа.  

Ҳазну амчыбжь азы Аиҳабыратә координациатә комиссиа аформатаҿ аиҧылара мҩаҧгахоит абылтәы ахәқәа ирыдҳәаланы.