Иракли Кобахиӡе  - Аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы ҳтәыла аҭоурыхтә алҵшәақәа аман, абарҭ алҵшәақәа зегьы лабҿаба иаҳдырбоит аспорт еиҧҟьарада аҿиара ишаҿу 
Иракли Кобахиӡе  - Аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы ҳтәыла аҭоурыхтә алҵшәақәа аман, абарҭ алҵшәақәа зегьы лабҿаба иаҳдырбоит аспорт еиҧҟьарада аҿиара ишаҿу 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии  еицыҟарҵаз ажәалагала ашьаҭала, атәыла ахада Михаил Ҟавелашвили аҵаақәшьқьрааразы амилаҭтә аизга алахәылацәеи Аҵаақәшьқьраара афедерациа ахаҭарнакцәеи Ахьӡ-аҧша аорденқәа ранеишьеит. 

Анашьамҭаҭара ацеремониаҿы аиҳабыра рнапхгаҩы аспортсменцәеи, азыҟаҵаҩцәеи, афедерациа ахаҭарнакцәеи аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы ироуз аҭоурыхтә алҵшәақәа рыдныҳәаланы, ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала, аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа ирылахәыз аспортсменцәа зегьы аолимпиатә лицензиа аиуразы  50-50 нызқь лари роуеит. 

„Аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы ҳтәыла аҭоурыхтә алҵшәақәа аман, аҭоурыхаҿ раҧхьаӡа акәны, ҳара аӡынтәи аспортхкқәа рҿы аолимпиатә медальқәа ҳгеит. Уи азыҳәан шәызынтәгьы ҷыдала ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Ҷыдала ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп араӡнытә медальқәа згаз, аолимпиатә авице-чемпионцәа  Лука Берулавеи Анастасиа Метелкинеи. Ари ақәҿиара ҳтәылазы аҭоурыхтә ҵакы амоуп. Дара Европа ачемпионатаҿ аиааиразы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп, уи ҳтәылазы иалкаау аҭоурыхтә ҵакы змоу хҭысуп, агәыҧтә турнираҿ аҧшьбатәи аҭыҧ аанаҳкылеит, уигьы аҭоурыхтә қәҿиароуп. Аолимпиатә агәыҧтә медаль аируразы хәыҷык ҳзымхеит, аха агәра ганы сыҟоуп ҳаҧхьаҟа иаҳа идуу ақәҿиарақәа шҳауа. Ҳмилаҭтә аизга алахәылацәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит, рызынтәгьы ибзиаӡаны иқәгылеит. Ҷыдала ҭабуп ҳәа иасҳәоит сынтәа Европа ачемпионс иҟалаз, ҳтәыла даҽа қәҿиара дук азаазгаз Ника Егаӡе. Европа ачемпионатаҿ амедальқәа 4 комплектк мацароуп идырхәмаруаз, урҭ рҟынтә ахьтәы ҩ-медальк ақырҭуа спортсменцәа иргеит. Аиашаз, уи зеиҧшҟамлац қәҿиароуп. Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы қәҿиарала иқәгылаз, ҳтәыла ахьӡ шьҭызхыз Анастасиа Губановеи, Диана Девиси, Глеб Смолкини ҭабуп ҳәа расҳәоит. Саломе Чигогиӡе иҟалҵаз аусгьы аҵакы ду амоуп. Аҭоурыхаҿ раҧхьаӡа акәны, Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы ақырҭуа аӡбаҩ дҳаман, уигьы даҽа қәҿиарак ауп. Абарҭ алҵшәақәа зегьы лабҿаба иаҳдырбоит аспорт еиҧҟьарада аҿиара ишаҿу, ақәҿиара ҿыцқәа шҳауа. Абри зегьы ҳҿар гәызҭаҵагас ирзыҟалоит, даргьы апорт аҽалархәреи еиуеиҧшым аспортхкқәа рҿы ақәҿиарақәа раиуреи иазҿлымҳахоит“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.  

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра аолимпиада аҧхьахәгаҩцәа аҧаратә ҳамҭақәа рзышьақәдыргылеит, авице-чемпионцәа  – Лука Берулавеи Анастасиа Метелкинеи  500-500 нызқь лари роуеит. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы афедерациа ахадеи аусзуҩцәеи апартниорра ҷыдеи имҩаҧыргаз аусуреи азыҳәан ҭабуп ҳәа реиҳәеит.  

Иара убас, Иракли Кобахиӡе, апаралимпицәагьы аӡынтәи апаралимпиатә хәмаррақәа рҿы ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит, даргьы абри аҩызаҵәҟьа аҧаратә ҳамҭақәа роуеит.  

Аспортсменцәеи, азыҟаҵаҩцәеи, Аҵаақәшьқьраара афедерациа ахаҭарнакцәеи аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа раиуреи ақәҿиарақәеи рыдырныҳәалеит Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, аспорт азы аминистр Шьалуа Гоголаӡеи. Анашьамҭаҭара ацеремониаҿы иқәгылеит Амилаҭтә олимпиатә комитет ахада Лери Хабелови Аҵаақәшьқьраара афедерациа ахада Мариам Гиоргобиании. 

Аҭоурыхтә аспорттә қәҿиарақәа рзы Ахьӡ-аҧша аорденқәа ранашьоуп аҵаақәшьқьрааразы Қырҭтәыла амилаҭтә аизга алахәылацәа: Лука Берулава, Анастасиа Метелкина, Анастасиа Губанова, Ника Егаӡе; азыҟаҵаҩцәа – Павел Слиусаренкои Еҭер Ҭуҭбериӡеи; Аҵаақәшьқьраара афедерациа ахада Мариам Гиоргобиании аҵаақәшьқьраараҿы жәларбжьаратәи акатегориа аӡбаҩ Саломе Чигогиӡеи.