Иракли Кобахиӡе Аӡыбжьахала атәылақәа русеицура ахеилак   амаӡаныҟәгаҩ хада диҧылеит
Иракли Кобахиӡе Аӡыбжьахала атәылақәа русеицура ахеилак  амаӡаныҟәгаҩ хада диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Аӡыбжьахала атәылақәа русеицура ахеилак  (GCC) амаӡаныҟәгаҩ хада Џьасем Моҳамед Альбудаив диҧылеит.  

Иракли Кобахиӡе Џьасем Моҳамед Альбудаив амаӡаныҟәгаҩ хада иҭыҧ аанкылара идныҳәаланы, ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.  

Аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Аӡыбжьахала атәылақәа русеицура ахеилаки реизыҟазаашьақәа ирылацәажәан, ишазгәарҭаз ала, зыӡбахәы ҳәоу ахеилак иалоу атәылақәа рҟны Зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭра адкылара  арҭ аимадарақәа рырҭбаара иацхраауеит.  

Аганқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала,  иашьашәалоу аиҿцәажәарақәа ралагара иазку аӡбара хара имгакәа адкылара иақәгәыҕуеит.   

Адунеитә еиҳабырақәа рсаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны Дубаи имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.