Иракли Кобахиӡе Адунеи аиҳабырақәа рсаммит ихы алаирхәоит 
Иракли Кобахиӡе Адунеи аиҳабырақәа рсаммит ихы алаирхәоит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе жәабран 3-5 рзы Иеиду Арабтәи Аемиратқәа рҿы,  Дубаи имҩаҧысуа Адунеи аиҳабырақәа рсаммит ихы алаирхәоит. 

Жәабран 3 рзы Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы Адунеи аиҳабырақәа рсаммитаҿ дықәгылоит. Иара убас, Иракли Кобахиӡе аишәа гежь аформатаҿ,  – аинвестициақәа рҧеиҧш – атемазы  имҩаҧысуа аиҧылара ихы алаирхәоит.  Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны ҩ-ганктәи аиҧыларақәагьы мҩаҧысуеит.  

Дубаиҟа идәықәлаз Қырҭтәыла аҧыза-министр аделегациа ицуп. Аделегациа иалоуп авице-аҧыза, атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовании, адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвилии, аиустициа аминистр Паата Салиеи, аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистр Гиви Миқанаӡеи, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.