Иракли Кобахиӡе  - Аҭынчра ахьчара аҽазышәара ду аҭахуп, ҳара ари амҩа алҳхит, избанзар, аибашьра  - арыцҳареи арбгареи ахылҵуеит, аҭынчра - апрогресси, аҿиареи, мышхәыбзазареи ҳзаанагоит
Иракли Кобахиӡе  - Аҭынчра ахьчара аҽазышәара ду аҭахуп, ҳара ари амҩа алҳхит, избанзар, аибашьра  - арыцҳареи арбгареи ахылҵуеит, аҭынчра - апрогресси, аҿиареи, мышхәыбзазареи ҳзаанагоит

«Аҭынчра ахьчара аҽазышәара ду аҭахуп, ҳара ари амҩа алҳхит, избанзар, аибашьра  – арыцҳареи арбгареи ахылҵуеит, аҭынчра – апрогресси, атәыла аҿиареи, мышхәыбзазареи ҳзаанагоит», — иҳәеит аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Аветеранцәа рымш иазкыз аусмҩаҧгатә аҿы данықәгылоз.

Иара иажәақәа рыла, аҭынчра аиҷаҳаразы аҧсадгьыл ихьчатәуп, ари аус аҿы аветеранцәа хәы змам аҧышәа рымоуп.

«Шәпатриотизми, атәыла аҿиараҿы иҟашәҵаз алагала дуи, ахамеигӡареи азыҳәан даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Ҳара наҟ-наҟгьы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит шәааҧсара ишахәҭоу еиҧш ахә шьазарц азыҳәан. Даҽазнык ишәыдысныҳәалоит Аветеранцәа рымш, аҭынчреи, аҕәҕәареи, мышхәыбзазареи шәзеиҕьасшьоит», — иҳәеит аҧыза-министр.