Иракли Ҕарибашвили -  Урыстәыла излагаз аибашьра арқьиара ҟалом, аибашьра ианалагаҵәҟьа инаркны ақырҭуа жәлар аукраин жәлар ирыдгылоит
Иракли Ҕарибашвили -  Урыстәыла излагаз аибашьра арқьиара ҟалом, аибашьра ианалагаҵәҟьа инаркны ақырҭуа жәлар аукраин жәлар ирыдгылоит

 

«Ҳара арегионаҿ имҩаҧысуа ахҭысқәа ҳрылацәажәеит, ҳәарада, Украина имҩаҧысуа аибашьрагьы ҳазааҭгылеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили   Ҭырқәтәыла ахадеи иареи реиҧылара данахцәажәоз.

Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭала,   адунеиаҿ аҭынчра аиқәыршәара ауп  атәылақәа зегьы рлидерцәа  раҧхьа иргыланы изызхәыцша.

«Иахьа, жәабран 24 рзы, Украина арбгаратә аибашьра алагара инаркны шықәсык ҵит. Урыстәыла излагаз аибашьра арқьиара ҟалом.  Ишыжәдыруа еиҧш, аибашьра ианалагаҵәҟьа инаркны, ақырҭуа жәлар аукраина жәлар ирыдгылоит. Иҳалшо ала ҳрыцхраауеит, ЕАР арезолиуциақәа зегьы равторцәеи рспонсорцәеи ҳреиуп. Иара убас, сыдҵала, ҳтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр уажәы Ниу-Иорк дыҟоуп. Иара Украина имҩаҧысуа аибашьра иадҳәаланы ЕАР Ассамблеиа Хадаҿы имҩаҧгаз ауснагӡатә ихы алаирхәит. Ҳара даҽазнык адгылара ааҳарҧшит.  Ҳара Украина  аҵакырадгьылтә акзаара ҳадгылоит, ари аибашьра излауа ала ирласны ихыркәшазар, аҭынчра ҟалар ҳҭахуп», — иҳәеит Ҕарибашвили.