Иракли Ҕарибашвили -   Урыстәыла ала импыҵахалоу Аҧсны арегион аҿы  Алеқсандр Лукашенко "ивизит" иаахҵәаны сақәыӡбоит
Иракли Ҕарибашвили -   Урыстәыла ала импыҵахалоу Аҧсны арегион аҿы  Алеқсандр Лукашенко "ивизит" иаахҵәаны сақәыӡбоит

Иракли Ҕарибашвили Урыстәыла ала импыҵахалоу Аҧсны арегион аҿы  Алеқсандр Лукашенко “ивизит” иаахҵәаны дақәыӡбоит  — аҧыза-министр ари атәы иҩит асоциалтә аҳа  «Твиттер» аҿы.

«Урыстәыла ала импыҵахалоу Аҧсны арегион аҿы  Алеқсандр Лукашенко “ивизити”  урыстәылатәи ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа рҧылареи иаахҵәаны сақәыӡбоит.  Ари ашьаҿа импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирызку Қырҭтәыла азакәан еиланагоит, жәларбжьаратәи зини ҳтәылақәа рыбжьара ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәеи ирҿагылоит», — иҩит аҧыза-министр.

Ишдыру ала, иахьа Беларус ахада   Алеқсандр Лукашенко  импыҵахалоу Аҧсны днеины, импыҵахалоу Аҧсны де-факто ахада  Аслан  Бжьаниа диҧылеит.

Апротест адыргала,  Қырҭтәыла иҟоу Беларус ацҳаражәҳәаҩ  Анатолий Лис Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррашҟа иҧхьеит. Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Алеқсандр Лукашенко Аҧсны ивизит иадҳәаланы беларустәи аган рҟынтә иацҵаны аилыркаарақәа иаҳәеит.