Euronews -  Кит Келлог Беларус авизит анымҩаҧигоз аамҭазы, Алеқсандр Лукашенко  баандаҩцәақәак ашьауҕа рхихит,  урҭ дреиуп Светлана Тихановскаиа лыҧшәма Сергеи Тихановски
Euronews -  Кит Келлог Беларус авизит анымҩаҧигоз аамҭазы, Алеқсандр Лукашенко  баандаҩцәақәак ашьауҕа рхихит,  урҭ дреиуп Светлана Тихановскаиа лыҧшәма Сергеи Тихановски

Америка ахаҭарнак ҷыда Кит Келлог Беларус авизит анымҩаҧигоз аамҭазы, Беларус ахада Алеқсандр Лукашенко  баандаҩцәақәак ашьауҕа рхихит,  урҭ дреиуп Светлана Тихановскаиа лыҧшәма Сергеи Тихановски.   Euronews ари аинформациа аланарҵәеит беларустәи аоппозициа адыррақәа рышьаҭала.

Аиқәшаҳаҭхара апроцесс далахәын Америка ахаҭарнак ҷыда Кит Келлог.

АИХқәа рдыррақәа рыла, ҵыҧхтәи ашықәс инаркны Алеқсандр Лукашенко аиҳабыра акритика рзызуа аполитикцәақәак ашьауҕа рхихуеит, избанзар, акритикцәа ишырҳәо ала,   Минск Мраҭашәараҟны аизыҟазаашьақәа рырҽеира иазҿлымҳуп.

Euronews  ишану ала, Лукашенко иеиҳабыра Сергеи Тихановски дааныркылеит 2020 шықәсазы, усҟан иара усҟантәи беларустәи аоппозициа рҟынтә атәыла ахада иҭыҧаз кандидатс дыҟан.  Минсктәи аӡбара Сергеи  Тихановски  иџьбароу аҭагылазаашьақәа рыла 18 шықәса абаандаҩтәра иқәырҵеит.  Иара иҭаацәара алахәылацәа рбареи аҭел асреи азин имамызт. Иара убас, ишиашо адукат иҧылареи, ашәҟәқәа раҧхьареи, рдәықәҵареи, рыдкылареи азин имамызт. 2023 шықәсазы аколониа администрациа рҳәатәы ахаҵамразы иус рыӡбан,  даҽа  1,5 шықәса иқәырҵеит.