Дмитри Песков - Владимир Путини Алеқсандр Лукашенкои Беларус ала Аҧсны азхаҵара иалацәажәомызт
Дмитри Песков - Владимир Путини Алеқсандр Лукашенкои Беларус ала Аҧсны азхаҵара иалацәажәомызт

 Владимир Путини Алеқсандр Лукашенкои Шәача ианыҟаз,  Беларус ала Аҧсны азхаҵара иалацәажәомызт. Урыстәылатәи агентра «РИА Новости» адыррала, ари аҳәамҭа ҟаиҵеит  Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ  Дмитри Песков.

«Уи Беларус аҩныҵҟатәи усуп, дара уи азин рымоуп. Беларустәи ҳҩызцәа дара рхала, иахәҭоуп ҳәа анырыҧхьаӡалак, иашьашәалоу аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит  Песков.

Иацы импыҵахалоу Аҧсны даҭааит Беларус ахада Алеқсандр Лукашенко. Уаанӡа, цәыббра  26 рзы, иара Шәача Владимир Путин диҧылеит.