Иракли Ҕарибашвили – Сара Миунхен сыҟан, аҭагылазаашьа уадаҩуп, аибашьра анынҵәо рыздырӡом, убри аҟынтә, ҳтәылеи ҳажәлари ринтересқәа рықәныҟәара наҳагӡароуп
Иракли Ҕарибашвили – Сара Миунхен сыҟан, аҭагылазаашьа уадаҩуп, аибашьра анынҵәо рыздырӡом, убри аҟынтә, ҳтәылеи ҳажәлари ринтересқәа рықәныҟәара наҳагӡароуп

«Ҳара ҽакала ҳхы мҩаҧаагазҭгьы, иахьа аекономикатә мышхәыбзазара ҳзалацәажәомызт», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр Миунхен имҩаҧгаз Ашәарҭадара аканференциа  далацәажәан, ишазгәеиҭаз ала, аҭагылазаашьа уадаҩуп, Украина аибашьра анынҵәо рыздырӡом.

«Ҳауааҧсыра даҽазнык ирасҳәар сҭахуп ҳполитикеи ҳтәыла амилаҭтә шәарҭадара иадҳәалоу егьырҭ азҵаарақәеи  аҵакы ду шрымоу.  Ҳара ҽакала ҳхы мҩаҧаагазҭгьы, иахьа аекономикатә мышхәыбзазара ҳзалацәажәомызт, уи ибзиаӡаны еилаҳкаауеит. Ишыжәдыруа ала, сара Миунхен сыҟан, аҭагылазаашьа уадаҩуп, уи алҵшьак убарҭам, Украина аибашьра анынҵәо аӡәгьы издырӡом. Убри аҟынтә, ҳтәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчареи ҳажәлар мацара, ҳтәыла мацара аинтересқәа рықәныҟәареи наҳагӡароуп», — иҳәеит  Иракли Ҕарибашвили.